Аҳәаанырцә иҟоу архәҭақәа рҟны алхра шымҩаԥгатәу ддырҵоит

Урыстәыла Ахада иалхраан абжьыҭирақәа реиҿкааразы аҭакԥхықәра зду урҭ шымҩаԥгатәу дырҵаразы, разыҟаҵаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит жәабран 14 рзы. Ауснагӡатәқәа ирылахәхоит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәагьы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8 — Sputnik. Урыстәыла Ахада иалхраан аҳәаанырцә иҟоу арратә хәҭақәа рҟны абжьыҭирақәа реиҿкааразы аҭакԥхықәра зду урҭ шымҩаԥгаша атәы дырҵаразы, разыҟаҵаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит жәабран 14 рзы. Ауснагӡатәқәа ирылахәхоит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәагьы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥснытәи алхыҩцәа акандидатцәа ирԥылар рҭахуп

Актәи арҵаратә уснагӡатә азыԥхьагәаҭоуп жәабран 14 рзы. Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа алахәыла Васили Лихачев иазгәеиҭеит иара ишадыԥхьалахо арратә усбарҭа аорганқәагьы.

"Атренингқәа ирылархәхоит арратә хәҭақәа ркомандирцәа, аррамаҵзурауаа рхаҭарнакцәа", — иҳәеит Лихачев.

Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиа алахәыла Васили Лихачев иазгәеиҭеит арҵаратә уснагӡатәқәа шымҩаԥырго Ацентртә алхратә комиссиа аԥшьгарала.

Жәабранмзазы имҩаԥгахоит ҩ-еилацәажәарак: аҳәаанырцә иҟоу атәылауаа рҟны алхрақәа рымҩаԥгара иазкны, Москва имҩаԥысраны иҟоуп асеминар, аамҭақәак рышьҭахь Берлин еиҿкаахоит Европа иҟоу Ахаҭарнакрақәеи аконсульствақәеи русуҩцәа рзы асеминар.

Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 18 рзы.