АҞӘА, жәабран 8 — Sputnik. Акоалициа аҭактә жәылараан иҭархан 100-ҩык инареиҳаны аиҳабыратә архәҭақәа реибашьцәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости, ателеканал АВС адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Зхы ӡырызгар зҭахымхаз америкатәи аруаҩ ателеканал иазеиҭеиҳәеит акоалициа рыр аҳауаҟынтәи ажәылареи артилериатә жәылареи шымҩаԥыргаз. Иара иажәақәа рыла "Шьамтәыла адемократиатә мчрақәа" (SDF) аштаб-квартира ажәыларагьы иалахәын артиллериеи атанкқәа Т-54 Т-72.
Ачынуаҩ иара убасгьы иҳәеит акоалициеи урыстәылатәи аруааи аҭелтә еимадара рыман ҳәа.