Арадио

Омар Маан Владимир Марганиа инысымҩа иазкны: абокс аҟынтәи ашьапылампыл ахь

Еицырдыруа ашьапылампыласыҩ, Аҟәатәи "Динамо"акоманда амбахьчаҩ Владимир Марганиа иԥсы ҭазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 90 шықәса, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны ашьапылампыласыҩ иаб иашьа имаҭа Омар Маан.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Омар Маан амбахьчаҩ Владимир Марганиа изкны

"Аԥсныи Асовет Еидгылеи зҽаԥсазтәыз аҟаза, аханатә абокс ихы азыикит. Аԥсны дачемпионхахьан. Нас ауп ашьапылампыл асрахь даннеи. Аҟатәи "Динамо" акоманда амбахьчаҩыс дҟалеит", — иҳәеит Омар Маан.
Шәазыӡыҩрла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.