"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Фиодор Ҭарба ааԥынтәи аусурақәа ирызкны
© Sputnik
"Жәабранмза аҳауа ԥхоуп, ҵыԥх уажәааны асы шьҭан ақыҭанхамҩа иадҳәалоу акгьы узыҟаҵо иҟамызт. Абаҳчаҿы аусура уажәнатә уалагар ауп, избанзар уагхар ҟалоит — аамҭала. Ашәыр хкқәа: аҵәа, аҳа, атама ртәы ҳҳәозар инаамҭо арҵәыгақәа аиур ахәҭоуп. Ацитрусқәа ракәзар- атехнологиа аҽакуп, урҭ аҵлақәа уажәааны урылакьысар ҟалом, аԥхарра бзиа збо ҵлақәоуп аҟнытә. Ахьархьи, аԥҟагақәеи рыла аилыхра уажәааны ииашам. Аԥҟарсҭақәа акыр аамҭа иӷьоит, уажәааны ихыуҵәар аӡы алалоит, амч цоит", — иҳәеит Ҭарба.
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.