Арадио

Ахәыҷтәы ҳақьым: аҩны ахәыҷқәа рыхәшәтәра ҟалаӡом

Ачымазарақәа еиуеиԥшым, иҟоуп ауадаҩрақәа зхылҿиаауагьы, убри азы аҭаацәа рхәыҷқәа ианаамҭоу аҳақьым дидырбароуп, лҳәеит арадио Sputnik ҭелла иалҭаз аинтервиу аҿы Аҟәатәи ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аҳақьым Марина Гьегьиаԥҳа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Марина Гьегьиаԥҳа ахәыҷқәа рчымазарақәа ирызкны

"Мышкы иалагӡаны ҳхәышәтәырҭахь 40- ҩык рҟынӡа ахәыҷкәа анаарго ыҟоуп, аиҳарак амцашоура анрымоу ауп. Амцашоура ахалара ахҟьоит еиуеиԥшым ачымазарақәа, уи арбан аилкааразы ианаамҭоу аҳақьым идҵаалатәуп, анаҩс ахәыҷы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭамгыларцаз", —  лҳәеит Гьегьиаԥҳа.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар шәылшоит абра>>
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.