Дбар: аԥсуа университет аҟны аҵара зҵо ҳџьынџьуаа астипендиа рзаԥҵахоит

Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара 2018 шыкәсазы русуратә план иалацәажәеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иреиӷьу астудентцәа- ҳџьынџьуаа арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала есымза  иранашьахалоит хә-нызқь мааҭ аԥара, абри атәы иҳәеит аилак анапхгаҩы Беслан Дбар.

"30-ҩык инарзынаԥшуа ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа аҵара рҵоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Ас еиԥш ҳџьынџьуаа астипендиа рзаԥҵара раԥхьаӡатәиу шьаҿоуп. Сгәы иаанагоит, ари ашьаҿа анаҩсан аҿар ргәацԥыҳәаны аҵара еиҳагьы игәцараркып, ауниверситет аҟны иҿарԥшыгахап ҳәа", —  иҳәеит Дбар.

Иара убас Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара реизараҟны иазыӡбан 2018 шықәсазы Жәларбжьаратәи аԥсуа-адыга рхореографиатә фестиваль амҩаԥгара.

ААУ аректор: аҵарадырра ҳџьынџьуаа еидызкыло милаҭтә идеиахароуп

"Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ахьыҟазалаак: Ҭырқәтәыла, Шьантәыла, Иорданиа, Германиа-  ари афестиваль ахь ааԥхьара роуеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз аиааира 25 шықәса ахыҵра аныҳәа инадҳәаланы афестиваль амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп. Наҟ-наҟ иаҳҭахуп аиԥш зеиԥшу афестиваль ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ахьынхо аҳәынҭқаррақәа рыҟны амҩаԥгара", — ациҵеит иара.

XX ашәышықәса анҵәмҭазы Аԥсныҟа ахынҳәра иалагеит амҳаџьырра ашықәсқәа рзы Аԥсны иахнагаз ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа, еиҳарак ари аус аҽарҭбааит 1993 шықәсазы Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анаԥҵаха ашьҭахь.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны инхоит хнызқь-ҩык инарзынаԥшуа Ҭырқәтәылантәи, Шьантәылантәи ихынҳәыз хџьынџьуаа.