Геннади Сыҷынаа икандидатура шьақәдырӷәӷәеит

Гагра ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит жәабран 12 рзы. Аизараҟны Геннади Сыҷынаа икандидатура ықәгылан Гагра араион ахадас.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12– Sputnik, Сариа Кварацхьелиа. Гагра ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит жәабран 12 рзы. Аизараҟны Геннади Сыҷынаа икандидатура шьақәырӷәӷәан Гагра араион ахадас ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақьтә еизара адепутат Реваз Бениа.

Гагра араион Ахада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

"Абжьыҭираан 22-ҩык абри акандидатуразы рыбжьы рҭиит, аӡәы абжьыҭира иҽацәхьеикит. Азакәан инақәыршәаны Геннади Калистрат-иԥа Сыҷынаа Гагра араион Ахадас дҟаҵоуп", — иҳәеит иара.

Реваз Бениа иажәақәа рыла аилатәараан аҭагылазаашьа акыр иуадаҩын.

"Ирацәан ақалақьуаа, аилатәара ахаҭа аҿҳәара анахара аҭахны изыԥхьаӡоз. Адепутатцәа иара убасгьы иахәаԥшит аус азакәанԥҵара ишақәшәо атәы. Уи абжьыҭирахь иқәыргылан. Абжьыҭираан хҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит аилатәара арыцхә ԥсахзарц, 20-ҩык уи иаҿагыланы рыбжьы рҭиит. Абри ашьҭахь ауп Сыҷынаа изы абжьыҭира анымҩаԥырга", — иҳәеит Бениа.

Уаанӡа Гагра ақалақьтә еизарахь ашәҟәы наишьҭхьан Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Геннади Сыҷынаа икандидатура ашьақәырӷәӷәаразы.