АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәабран 12 рзы аилатәараҿы Аԥсны Апарламент аԥсахрақәа рыланагалеит административтә зинеилагарақәа русхк ҳәаақәызҵо азакәанԥҵаратә актқәак. Актәи аԥхьарала ахәҭаҷ ҿыцқәа алагалан "Иҟоу аԥара аус адулара аԥҟара аилагаразы административтә ҭакԥхықәраз".
"Ахәҭаҷ аредакциа ҿыц азырхоуп иҟоу аԥара аус адулара аԥҟара аилагаразы административтә ҭакԥхықәреи акассатә операциақәа рымҩаԥгареи, ахылаԥшра-кассатә техника ахархәарада атауарқәа рыҭиреи", —иҳәеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба.
Шамба иажәақәа рыла Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра анапы ианҵоуп абри аусбарҭахь онлаин дыррақәа назышьҭуа ахылаԥшра-кассатә техника ҿыц ахархәаразы ажәалагалақәа аус рыдулареи рымҩаԥгареи.
"Ҳара иара убасгьы ажәалагала ҟаҳҵеит актәи аԥхьарыла ирыдыркыларц "авалиутатә хылаԥшразы" административтә закәанԥҵара", — иҳәеит Дмитри Шамба.
27-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит административтә зинеилагарақәа русхк ҳәаақәызҵо азакәанԥҵаратә актқәакак рыдкыларазы, аӡәы мап ацәикит.