Апарламент аҟны ашәахтә закәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥырҵеит

Ааԥынтәи асессиа раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит Аԥсны Жәлар реизараҟны жәабран 12 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәабран 12 рзы Аԥсны Апарламент аҟны ашәахтә закәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥырҵеит. 

Апарламент аҿы аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит

Абиуџьети, акредитқәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Натали Смыр иазгәалҭеит аусутә гәыԥ ишалахәхо абри азҵаара аганахь ала аинтерес зманы иҟоу аилазаарақәа зегьы.

"Аусура ду мҩаԥгоуп. Агәыԥ ахантәаҩыс сыхьӡ ҳәоуп. Агәыԥ аилазаарахь иалоуп: атәыла Ахада, Аекономика аминистрра, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра, Аҳазалхратә еилакы, ААУ, астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр, Аԥсны анаплакыҩцәа рхаҭарнакцәа, Апарламент аиҳабы", — лҳәоит Натали Смыр.

Смыр иазгәалҭеит раԥхьа иргыланы НДС азы азакәан аԥсахрақәеи аиҭакрақәеи ралагалара нап шадыркыло, ашәахтә система аконцепциа азхьаԥшра шарҭо.

Аусутә гәыԥ аԥҵаразы рыбжьы рҭиит 23-ҩык адепутатцәа.