Лиудмила Гәымба: асцена сыԥсҭазаароуп

Аԥсны Жәлар рартистка, Д.Гәлиа ипремиа алауриат, агәыԥ "Аԥсны-67" асолист Лиудмила Гәымԥҳа жәабран 13 рзы иазгәалҭоит лымш иира. Арадио Sputnik Аԥсны астудиаҟны ашәаҳәаҩ далацәажәеит лырҿиаратә мҩа.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Лиудмила Гәымԥҳа лырҿиаратә мҩа иазкны

"Зегь раԥхьаӡа ажәақәа ҭызҵаауеит, ауаҩы игәы аҵанӡа инеиуа, сзыхцәажәо ауаҩы еиликаауа иҟаҵатәуп, нас амелодиа аҵара салагоит. Сгәалаҟазаара злаҟоу ала еиуеиԥшым сашәақәа сҳәоит аҩнгьы. Ашәа сымҳәалар, нас исцәыцәгьахоит", — лҳәеит Аԥсны Жәлар рартистка.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.