Асоциалтә ҳақәа англыз бызшәахь рыиагара хра аиур алшоит

Асоциалтә ҳақәа англыз бызшәала рымҩаԥгара ацхраар алшоит мраҭашәаратәи АИХ Урыстәыла иазкны иҵоурамкәа ирыҩуа, ирҳәо.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 14 — Sputnik. Урыстәыла аҳәынҭқарратә дума аинформациатә политиказы аилак алахәыла Антон Горелкин ажәалагала ҟаиҵеит урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усзуҩцәа асоциалтә ҳақәа рҟны раккаунтқәа англыз бызшәала имҩаԥыргаларц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Адепутат ишиҳәаз ала иахьатәи аамҭазы ателехәаԥшреи амассатә информациа ахархәагақәеи рхархәара шылаҟәыз, убри инадҳәаланы аполитикцәа ирымоуп алшара асоциалтә ҳақәа рхархәарала ауаа рацәажәара. Усеиԥш ҟаиҵоит США Апрезидент Дональд Трамп. Уи "итвитқәа" ишҭыҵлак еиԥш иаразнакы ауаа аԥхьоит, ацәажәара ахылҿиаауеит.

"Урыстәыла имаҷым асоциалтә ҳақәа рҟны иҭаҩу аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи аполитикцәеи, аха дара урысшәалоуп ишыҩуа. Иаҭахуп адунеи ауааԥсыра реиҳараҩык урҭ ирыԥхьозарц, Урыстәыла имҩаԥысуаа усқәа хаҭала дара ауаа ирыладырҵәозарц", — иҳәоит Горелкин.

Горелкин агәрагара имоуп асоциалтә ҳақәа англыз бызшәала рымҩаԥгара хра аманы иҟалоит ҳәа аполитикцәа ишиашоу ҳтәыла ацәгьа азызҳәо аҭак анрырҭо.