Арадио

Аҭоурыхҭҵааҩ акьыԥхь збаз ашәҟәы иазкны: ажәлар згәылсыз амҩа унарбоит

Агазеҭ "Республика Абхазия " нанҳәамза 14 1992 шықәса инаркны цәыббрамза 30 1993 шықәсанӡа ианылаз аматериалқәа зегьы шәҟәык аҿы ианылеит, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аслан Аҩӡба иҭыҵыз ашәҟәы иазкны

"Ари ажәлар згәылсыз амҩа узырбо кьыԥхьымҭуп. Ауаҩы дызнысыз амҩа анихашьҭуа ыҟоуп, усҟан ԥхьаҟатәигьы ицәыӡуеит. Ашәҟәаҿы ирацәаны ауаа рыхьыӡқәа ануп, Аԥсны ацхыраара азыҟазҵоз, иҭахоз ауаа, астатиақәа зыҩуаз, уҳәа", — иҳәеит Аслан Аҩӡба
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.