Киутԥҳа: Томсктәи аиармаркаҿ Аԥсны аалыҵ ыҟамызт

Урыстәылатәи амассатә информациатә хархәагақәа рҟны аҭыԥ аман Томсктәи аиармарка "Дары Абхазии" аҿы заамҭа цахьаз акәац аалыҵ цәыргақәҵан ҳәа аинформациа. Уи ахҳәаа алҭеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩы Лана Киутԥҳа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Томск ицәыргақәҵаз аалыҵ Аԥсны иатәӡамызт, абри атәы Sputnik  иазеиҭалҳәеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩы Лана Киутԥҳа. 

ААП асертификациаз аусбарҭа аиҳабы илҳәеит Аԥснынтәи ахаҭарнак аиармарка дшалахәымыз, акәацаалыҵ азы асертификатгьы аӡәгьы ишиҭамыз.

"Аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны асеиԥш ала аалыҵ аҳәаа ишахыгамыз шьақәдырӷәӷәеит. Ҳнаплакыҩцәа уи русс алаӡам. Џьоукы-џьоукы аԥснытәи амандаринақәа ҳәа иабалак шырҭиуа еиԥш акәхоит аригьы. Урыстәыла Аԥснытәи аалыҵ пату рзақәуп, ишыцқьоу рдыруеит. Убри азы зыламыс цқьам ауаа уи рхы иадырхәоит дара рзы ишыманшәало", — лҳәеит Киутԥҳа.

Лагәлаа: Аԥснытәи аалыҵ зегьы ирдыруа аҟаҵара ҳагәҭакуп

Лана Киутԥҳа илҳәеит аиармарка аиҿкааҩцәа лыҽшрымалдаз, урҭгьы ишырҳәаз Аԥснытәи акәац аиармаркаҿ ишыҟамыз.

"Ари азҵаара ус инҳажьуам. Иҭаҳҵаароуп. Асеиԥш ахҭыс уаанӡагьы аҭыԥ аман, иаагозар, ааигәа Киров имҩаԥысуаз аиармаркаҿгьы. Аиармарка аҭааҩык иаҳзиҩит ацәыргақәҵаҿы аԥсуа наплакыҩцәа раалыҵ шӡырго, аха иара аԥснытәи аалыҵ аԥшра шамам. Иҭаҳҵаауа ҳалагазар, аиармарка аиҿкааҩцәа иреиҳәазаап Шәача ақалақь иахьаҵанакуа ахшаалыҵ аус адуларҭа азауад имошәа, ацәыргақәҵақәа рҿы урҭ цәыригошәа. Аҳәара уадаҩуп арҭ аҩ-хҭыск раан хаҿык иоуп иҟаз ҳәа, аха аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭатәуп", — лҳәеит Лана Киутԥҳа.

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит Аԥсны аҩныҵҟа акәац аалыҵ шазымхо, аҳәаа анҭыҵҟа агара акәымкәа. Урыстәылатәи АИХ рҟны аҭыԥ аман Томсктәи аиармарка "Дары Абхазии" аҿы заамҭа цахьаз акәац аалыҵ цәыргақәҵан ҳәа аинформациа.