АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Жәабран 11 рзы жә-шықәса зхыҵуа Нестор Аршба Аҟәа ақалақь Ақырҭаа имҩаҿ игыло атрансформатор аҩныҵҟа афымца исит. Абри ахҭыс аганахь ала аҳҭнықалақь апрокуратура аусҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь апрокурор Руслан Ҭырқьба.
Иара иажәақәа рыла уажәазы ахҭыс шыҟалаз азы аҭагылазаашьақәа рыҭҵаара иаҿуп.
"Ишьақәыргылоуп ахәыҷы иаартыз атрансформатортә хыбра дшыҩналаз. Агәаҭарақәа раан ахәшьара аҭахоит ашәарҭара змоу аобиект аҟны ашәарҭадаратә нормақәа рыҟазшьагьы. Абри аганахь ала иахәҭаны иҟаз ауснагӡатәқәа иахьрызхьаԥшымыз азы арыцҳара ҟалеит ҳәа шьақәыргылахар, ашьаус хацыркхоит. Ашьаус ахацыркразы аҵаҵӷәқәа аҭыԥ рымамзар, административтә хара ахархәара аиуеит. Макьаназы апрокурортә гәаҭарақәа мҩаԥысуеит. Аус ахәҭаҷқәа зегьы анышьақәыргылахалак ашьҭахь ауп иахәҭаны иҟало ауснагӡатәқәагьы анымҩаԥгахо", — иҳәеит апрокурор.
Жәабран 11 рзы жә-шықәса зхыҵуа Нестор Аршба Аҟәа ақалақь Ақырҭаа имҩаҿ игыло атрансформатор аҩныҵҟа афымца исит. Абри ахҭыс аганахь ала аҳҭнықалақь апрокуратура аусҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.