Ахәыҷы дызшьыз иганахь ала ашьаус хацыркуп

Жәабран 13 рзы Аҟәа ақалақь, Адлеиба имҩаҿы амҩатә машәыр ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арыжәтә ыжәны иҟаз ахаҵа зыԥсҟы икыз автомашьына жәабран 13 рзы жәашықәса зхыҵуа ахәыҷы исит. Георги Керселиан, 1963 шықәса рзы ииз, иганахь ала ашьаус хацыркуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"Арыжәтә ыжәны иҟаз ахаҵа зыԥсҟы икыз автомашьына ГАЗ 31105, Аҟәа ақалақь, Адлеиба имҩаҿы игыло аҩны №161 ааигәара, жәабран 13, асааҭ 16.10 рзы жәашықәса зхыҵуа ахәыҷы исит. Амашьына аԥсҟы зкыз арыжәтә ыжәны дшыҟаз шьақәыргылан анаркологиатә диспансер аҟны. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 263 ахәҭа 4 инақәыршәаны (Арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы зкыз амҩатә ԥҟарақәа ахьеилеигои уи иахҟьаны аԥсҭбара аҟалареи)", – ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Автомашьына зысыз ахәыҷы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган, аха аамҭақәак рышьҭахь иԥсҭазаара далҵит.

Автомашьына аԥсҟы зкыз Георги Керселиан даанкылоуп.