Ҭимур Соломко аралли аҟны аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит

Аралли азы Урыстәыла Ахраҿа ахԥатәи аетап мҩаԥысит ақалақь Велики аҟны 2018 шықәса жәабран 8-11 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа амшьынеиԥхнырыҩ Ҭимур Соломко ақалақь Велики аҟны 2018 шықәса жәабран 8-11 рзы имҩаԥысыз аралли "Золотые купола-2018" аҟны ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изааицҳаит иара аиааиҩы ихаҭа.

"Аралли азы Урыстәыла Ахраҿа ахԥатәи аетап мҩаԥысит ақалақь Велики аҟны 2018 шықәса жәабран 8-11 рзы. Атрасса ахышәа-ҵышәа 200 километра иҟан, урҭ рҟынтәи 80 километра арццак трасса иаҵанакуан. Аԥхьатәи ах-рццак трасса рҿы, апилот Виачеслав Прохоровы сареи актәи аҭыԥ аанаҳкылон, аҵыхәтәантәи атрассаҿ ҳнеиаанӡа аҩбатәи аҭыԥ аанкыларазы 0,6 секунд ҳагын, секундки бжаки ҳзымхеит, аԥшьбатәи арццак трассаҿы аҩбатәиқәа ҳакәхеит", — иҳәеит Соломко.

Третий этап кубка России по ралли

Ҭимур Соломко аралли аҟны автомобил Mitsubishi Lancer Evolution 8 ала дықәгылоит. Урыстәыла Ахраҿазы аԥшьбатәи аетап мҩаԥысраны иҟоуп хымз рышьҭахь, Карелиа.

"Сара штурманк иҳасаб ала СССР аҵыхәтәантәи ачемпион Виачеслав Прохоров сицықәгылоит. Хаҭала сара абри аспорт хкы салахәижьҭеи акрааҵуан, аха 2000 шықәса раахыс џьаргьы сымцацызт, сацәхьаҵны сыҟан. Ҵыԥхцәа бзиа избо аус сеиҭазыхынҳәит", — иҳәеит иара.

Ҭимур Соломко иҳәеит аралли афинал Маиҟәаԥ ақалақь аҟны имҩаԥысраны ишыҟоу.

Аралли азы Урыстәыла Ахраҿа ахԥатәи аетап мҩаԥысит ақалақь Велики аҟны 2018 шықәса жәабран 8-11 рзы.