Америкаа абџьар аикәыршара ахылаԥшра ахәҭаны ирыԥхьаӡоит

США Аконституциахь аҩбатәи ариашара америкаа азин рнаҭоит абџьар амазаареи аныҟәгареи.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19 — Sputnik. 300-ҩык рҟынӡа америкаа асабша аҿагылара акциа мҩаԥыргеит США Амилаҭтә хысратә ассоциациа аштаб-квартира (NRA) аҿаԥхьа. Дара дҵаны иқәдыргылоит абџьар аикәыршара еиҳа хылаԥшра аҭахарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ Washington Post адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Агазеҭ аҟны ишаҳәо ала ауаа еизеит аштат Виргиниа, ақалақь Ферфакс аҿы иҟоу США Амилаҭтә хысратә ассоциациа аштаб-квартира (NRA) аҿаԥхьа. Ауаа иркыз аплакатқәа ирнын: "Хватит", "NRA покупает конгресс", "Стыдно. Стыдно".