Германиа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа раԥыхра иалацәажәеит

Германиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Евроеидгылазы "игәыла дуны ишыҟац иаанхоит" ҳәа. Америка иҟанаҵаз асанкциақәа рзгьы агәыҩбара рымоуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19— Sputnik. Германиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Зигмар Габриель асанкциақәа раԥыхра рыдиҳәалеит ООН аҭынчреиҿкааҩцәа Донбасс ралагалара ҳәа аҳәоит РИА Новости.

Аминистр абри атәы иҳәеит урыстәылатәи иколлега Сергеи Лавров изы абизнесуаа еиҿыркааз шьыжьхьафараан.

Америка КЖәРР (КНДР) асанкциа ҿыцқәа аднагалоит

"Ииашоуп ҳәа азысыԥхьаӡоит ООН аҭынчреиҿкааҩцәа Донбасс ралагалара. Урҭ уахь инеир иалшоит етап-етапла асанкциақәа раԥыхра", — иҳәеит Габриель.

Иара убасгьы иҳәеит еиуеиԥшым агәаанагарақәа шыҟоугьы Урыстәыла Евроеидгылазы "игәыла дуны ишыҟац иаанхоит" ҳәа. Иара игәаанагарала Москва алахәхароуп Европа аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара.

Уи адагьы Габриель иҳәеит асанкциақәа рганахь ала агәаанагарақәа шеиԥшым.

Аминистрцәа иара убасгьы ирылацәажәеит Ирани КНДР-и абраҟагьы Урыстәыла алахәхароуп апроблемақәа рыӡбра иҳәеит германиатәи аминистр.

2014 шықәса рзы Евроеидгылеи, США-еи аҽа тәылақәаки Украина иахырҟьаны Урыстәыла асанкциақәа адҟарҵалеит.