АҞӘА, ажьырныҳәа 25— Sputnik. Еиду америкатәи аштатқәа (ЕАШ) аҟынтәи иалагалоу аркьаҿрақәа ирыҵаркуеит ахатәхаҿқәа. Асанкциақәа акыр имҽыӷуп. Урҭ иара убасгьы ирзырхоуп КЖәРР аиадертәи аракетатәи программақәа рыԥкра, аекономика аҭахкаара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Адокумент акьыԥхьит Америка афинансқәа рминистрра. Асеиԥш аӡбра мҩаԥгахеит КЖәРР афбатәи аиадертә ԥышәара аныҟанаҵа ашьҭахь.
Аҩадатәи Кореиа аекспорти аимпорти акыр иԥызкуа адокумент азнархиеит ЕАШ (США), адгылара аиуит Урыстәылеи Китаии налаҵаны ООН Ацәарҭадаратә хеилак алахәыла тәылақәа зегь рҟынтәи.
Адокумент ҿыц инақәыршәаны КЖәРР анефтлыхқәа ралагалара ԥкхоит 500 000 баррель аҟынӡа 2017шықәса жьҭаара 1 инаркны ԥхынҷкәын 31 аҟынӡа, 2018 шықәсеи егьырҭ иашьҭанеиуа ашықәсқәеи рзы 2 миллион баррель рҟынӡа. Ари Пхениан иаиуа абылтәы 55% рҟынӡа еиҵанатәуеит.
Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Еиду америкатәи аштатқәа шазыхиоу егьырҭ атәылақәа инарывагыланы адипломатиатә, аекономикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Уи азымхоны иҟалар, арратә мчрагьы ахархәара алшоит ҳәа.
Кореиатәи адгьылбжьахаҿы аҭагылазаашьа еибарххеит 2017 шықәсазы, Аҩадатәи Кореиа аиадертә ԥышәарақәа анымҩаԥнага ашьҭахь.