Хәыда-ԥсадатәи Wi-Fi аус адырулоит Урыстәыла

Урыстәылатәи апрограммистцәа Хәыда-ԥсадатәи Wi-Fi аус адырулоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19— Sputnik. Апроектқәа Radius Wi-Fi, Adrenta рышьаҭаркыҩцәа иаԥырҵоит ҭыԥк иадҳәалам аинтернет-ҳа World Wi-Fi, иара еиднакылараны иҟоуп адунеи зегь аҟны аҩнатә роутерқәа иаку, ихәыда-ԥсадатәу ҳак ракәны ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла аҭыжьымҭа "Экономика сегодня" адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Хәыда-ԥсада иара ахархәаразы ахархәаҩцәа ируалуп World Wi-Fi иднарбо аӡыргара ахәаԥшра.

Иара убри аан ароуторқәа рхархәаразы ахәшәара мҩаԥыргоит акриптовалиута WeToken ала.

Абри аус ахацыркра 2018 шықәса аԥхынранахыс имҩаԥгахоит. Уи анахыс хышықәсаҟа рышьҭахь асистема иаҵаркхоит 20 млн рҟынӡа роутер.