Аԥсуа дзыхьчо аихатә ҳәызба

Sputnik

Итрадициатәу аԥсуа ҳәызба-ҿы 13-25 сантиметра иҟоуп. Ахәы 10 сантиметра инаӡоит.

Аҳәызба ахәы аиҳарак абӷаџьма, акамбашь, абнацә, ацә ртәыҩақәа ирылырхуеит. Ахархәара рымоуп арагәаԥшь иалырхуа ахәқәагьы. Аҳәызбахәы аиҳарак ихыгьежьаауп, аганқәа адыршәаҟьалоуп.

Аԥсуа ҳәызба арымарахь ала ирыҟәнырҵоит. Ахәы ахыркәшамҭаҟны амацәаз ҳасаб змоу агьыжь амоуп —аҳәызба аҭра аҭыгара зырмариоу уи ауп.

Аҳәызбаҭра аԥсуа ҳәызба ханарҭәаауазароуп. Иара амҿы иалхуп, ацәа иҭаӡаны иҟарҵоит. Аҳәызба аҭра ианааланы иҭалароуп.

Аԥсуа ҳәызбақәа рҭоурых инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

1 / 12
Аҳәызба аҟаҵара хацыркхоит ажьиирҭаҿы
2 / 12
Аҳәызба злырхуа аџыр ажьи ирҭәоит 1300 - 1400°C рҟынӡа
3 / 12
Ажьи аметалл-шы амца иаахыганы аԥсынгьари инықәҵаны аҳәызба аҿы аформа аиҭоит
4 / 12
Ихьшәашәаз аметалл аҽазнык ирԥханы ахәша иҭыршьуеит – идырӡрыжәуеит
5 / 12
Аҳәызба аҿы цәтәуп. Ацәраан имшырцаз аӡы хьшәашәа ааигәа иҟазароуп
6 / 12
Настәи ирцәуеит
7 / 12
Ажьи аиха ацырцырра иалагаанӡа ицәуеит
8 / 12
Итрадициатәу аԥсуа ҳәызба аҿы 13-25 сантиметра иҟоуп. Ахәы жәабаҟа сантиметра инаӡоит.
9 / 12
Аҳәызбаҭра ҳәызба ханарҭәаауазароуп. Иара амҿы иалхуп, ацәа иҭаӡаны иҟарҵоит. Аҳәызба аҭра ианааланы иҭалароуп.
10 / 12
Аҳәызбаҭра хырҷҷазароуп еиуеиԥшым, аџьмацәа иалху аорнамент ала. Ажәытәан уи ацәашьашьын илыршьуан, алашьцараҟны цәашьра ауртә еиԥш.
11 / 12
Аҳәызба ахәы аиҳарак аԥстәқәа ртәыҩақәа ирылырхуеит. Иҟоуп амҿы ианалырхуагьы
12 / 12
Аԥсуа ҳәызба аҭоурых ашьаҭақәа ажәытәӡарахь ихоуп. Ҳабацәа урҭ рабацәа еснагь ирыман рхатәы ҳәызба, еиуеиԥшым аҭахрақәа рзы.