Итрадициатәу аԥсуа ҳәызба-ҿы 13-25 сантиметра иҟоуп. Ахәы 10 сантиметра инаӡоит.
Аҳәызба ахәы аиҳарак абӷаџьма, акамбашь, абнацә, ацә ртәыҩақәа ирылырхуеит. Ахархәара рымоуп арагәаԥшь иалырхуа ахәқәагьы. Аҳәызбахәы аиҳарак ихыгьежьаауп, аганқәа адыршәаҟьалоуп.
Аԥсуа ҳәызба арымарахь ала ирыҟәнырҵоит. Ахәы ахыркәшамҭаҟны амацәаз ҳасаб змоу агьыжь амоуп —аҳәызба аҭра аҭыгара зырмариоу уи ауп.
Аҳәызбаҭра аԥсуа ҳәызба ханарҭәаауазароуп. Иара амҿы иалхуп, ацәа иҭаӡаны иҟарҵоит. Аҳәызба аҭра ианааланы иҭалароуп.
Аԥсуа ҳәызбақәа рҭоурых инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

1/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳәызба аҟаҵара хацыркхоит ажьиирҭаҿы

2/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳәызба злырхуа аџыр ажьи ирҭәоит 1300 - 1400°C рҟынӡа

3/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ажьи аметалл-шы амца иаахыганы аԥсынгьари инықәҵаны аҳәызба аҿы аформа аиҭоит

4/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ихьшәашәаз аметалл аҽазнык ирԥханы ахәша иҭыршьуеит – идырӡрыжәуеит

5/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳәызба аҿы цәтәуп. Ацәраан имшырцаз аӡы хьшәашәа ааигәа иҟазароуп

6/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Настәи ирцәуеит

7/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ажьи аиха ацырцырра иалагаанӡа ицәуеит

8/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Итрадициатәу аԥсуа ҳәызба аҿы 13-25 сантиметра иҟоуп. Ахәы жәабаҟа сантиметра инаӡоит.

9/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳәызбаҭра ҳәызба ханарҭәаауазароуп. Иара амҿы иалхуп, ацәа иҭаӡаны иҟарҵоит. Аҳәызба аҭра ианааланы иҭалароуп.

10/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳәызбаҭра хырҷҷазароуп еиуеиԥшым, аџьмацәа иалху аорнамент ала. Ажәытәан уи ацәашьашьын илыршьуан, алашьцараҟны цәашьра ауртә еиԥш.

11/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аҳәызба ахәы аиҳарак аԥстәқәа ртәыҩақәа ирылырхуеит. Иҟоуп амҿы ианалырхуагьы

12/12
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсуа ҳәызба аҭоурых ашьаҭақәа ажәытәӡарахь ихоуп. Ҳабацәа урҭ рабацәа еснагь ирыман рхатәы ҳәызба, еиуеиԥшым аҭахрақәа рзы.