Арадио

Аҳақьым хада: ҳаԥхьаҟа ишьҭаҳхша аусқәа шьақәҳаргылоит

2017 шықәсазтәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусура аихшьаалатә пресс-конференциа мҩаԥган, иҳәеит арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа.
Sputnik
Аполлон Гәыргәлиа 2017 шықәсазтәи Ареспубликатә хәышәтәырҭа аусура аихшьаала иазкны

"Ахәышәтәырҭа аҟәшақәа зегьы ирыгоу-ирыбзоу, русураҿы ирҭаху рҳәоит, анаҩс аихшьаала ҟаҳҵоит. Уи анаҩсан, иҳагыз иҳабзаз ҳнахәаԥшны, ҳалшарақәа гәаҭаны ҳаԥхьаҟа ишьҭаҳхша аусқәа рплан шьақәҳаргылоит. Ажәакала, ҳхы адҵа аҳҭоит", — иҳәеит Гәыргәлиа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.