"Хра злоу ахҭысқәа": Адгәыр Лашәриа Дырмит Гәлиа ирҿиара иазкны
© Sputnik
"Аԥсуа жәлар рыԥсҭазаара зегьы аныԥшуеит Дырмит Гәлиа ироман "Камаҷыҷ". Алитература акритикцәа машәыршақә ирымҳәеит: ароман "Камаҷыҷ" аԥсуаа рзы енциклопедиоуп" ҳәа. Иара убас иҩуп иажәабжь кьаҿқәа: ԥсыуа бызшәала, еилыхха, ауаҩы ихаҿы иааиртә еиԥш", — иҳәеит Лашәриа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.