Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩы Загитова адунеитә рекорд шьақәлыргылеит

Алина Загитова апрограмма кьаҿ аҟны дреиӷьхеит 82,92 балл лоуит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 21 — Sputnik. Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩы Алина Загитова адунеитә рекорд шьақәлыргылеит, Пхенчхан имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа – 2018 рҟны, апрограмма кьаҿ аҿы илоуз абалқәа реихшьаалала. Иара убри ала егьи урыстәылатәи афигуристка Евгениа Медведева илаԥылгеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Алина Загитова ахашаҽнтәи лықәгылараан, апрограмма кьаҿ анагӡараан зегьы дреиӷьхеит, 82,92 балл лоуит

Уаанӡа Медведева илзықәдыргылахьан ахәшьара – 81,61 балл.