Арадио

Адлеиба асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа ирызкны: иҳамоуп ҳԥышәа ҳамаздаша

Жәабран 22 аҽны 50 шықәса ахыҵуеит Алықьса Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Sputnik арадиостудиаҟны аскульптор, аҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба дазааҭгылеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иамоу аихьӡарақәеи, апроблемақәеи.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Амиран Адлеиба Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиубилеи иазкны

"Ҳҵараиурҭа иалгаз астудентцәа Урыстәыла, Европа иреиҳау асахьаҭыхратә ҵараиурҭақәа ирҭоуп. Иахьа иҳамоуп ҳԥышәа ҳамаздаша, иҳамоу акультуратә хәышҭаара ззынҳажьша аҿар",- иҳәеит Адлеиба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.