Арадио

Чичба: Лаҭа иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз Гәдоуҭа иргылахоит ауахәама маҷ

Лаҭа ақыҭан аверталиот иҭаблыз ргәалашәара аҳаҭыраз Гәдоуҭа апарк хадаҿы иргылахоит ауахәама маҷ, уи азы ихацаркуп аԥареизгара, лҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны апроект автор Циала Чичба.
Sputnik
Чичба: Лаҭа иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз Гәдоуҭа иргылахоит ауахәама маҷ

"Ауахәама амакет хиоуп, иара еиқәлыршәеит Саида Лакрԥҳа. Есышықәса Лаҭатәи атрагедиа амш аҽны ақәа леиуеит, аԥсабарагьы гәырҩоит. Аҭаацәа ацәашьқәа рыркра рзыманшәалахарцаз, рхәыцрақәеи дареи рхала иахьеизаанхаша аҭыԥ рҭахуп", — лҳәеит апроект автор Циала Чичба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.