Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҟны иаанкылоуп Узбекисҭани Аԥсни ртәылауаа

Узбекисҭан атәылауҩ иганахь ала галтәи араионтә ӡбарҭа административтә штрафи Аԥсны аҵакыра иалцареи ахәҭаны иаԥхьаӡеит. Иаанкыло Аԥсны атәылауаҩ Лаша Ахалаиа иганахь ала иахәҭаны иҟоу аусҭҵаарақәа ирҿуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik. Изакәанымкәа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы жәабран 6 рзы даанкылан анаркотикатә маҭәашьар здырбалаз Узбекисҭан атәылауаҩ, 1994 шықәса рзы ииз Шаропов Акбарали Холмухаммад-Оглы. Уаанӡа, жәабран 2 рзы Гал араион, Папынырхәа ақыҭан даанкылан Аԥсны атәылауаҩ Лаша Ахалаиа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аофициалтә саит.

Аҳәааҟны иаанкылоу атеррористтә еиҿкаарақәеи дареи реидҳәалара ҭырҵаауеит

Узбекисҭан атәылауаҩ иганахь ала галтәи араионтә ӡбарҭа административтә штрафи Аԥсны аҵакыра иалцареи ахәҭаны иаԥхьаӡеит. Иаанкыло Аԥсны атәылауаҩ Лаша Ахалаиа иганахь ала иахәҭаны иҟоу аусҭҵаарақәа ирҿуп.

Лаша Ахалаиа иганахь ала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 апункт 1 (анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәеи урҭ иреиԥшқәоуи закәанҵаҵӷәыда раахәареи, рыҵәахреи, рымҩангареи, рыҭира хықәкны иҟамҵакәа рыҟаҵареи) инақәыршәаны аусҭҵаара хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аофициалтә саит.