"Владимир Анқәаб иԥсадгьыли иуаажәлари рзы аџьабаа маҷымкәа иибахьан, иара иаамҭазы аԥсуаа раԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын, уи зыршаҳаҭуа акоуп аԥсуа жәлар акыр ашәарҭара ианҭагылаз, урҭ ринтересқәа рыхьчараз 1978 шықәсазы, 130-ҩык рнапы зҵаҩны усҟантәи Асовет ҳәынҭқарра аиҳабыра рахь ишьҭыз ашәҟәы иара инапгьы ахьаҵаиҩыз", — иҳәеит Анқәаб.
Зыԥсҭазаареи зырҿиареи зегьы зыжәлар рлахьынҵа иадҳәалаз Владимир Анқәаб акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 1954 шықәсазы. Апоезиатә еизгақәа иҭижьыз иреиуоуп: "Сышьха ӡиас" (1958), "Бзыԥ аԥшаҳәа" (1960), "Сышьха хыҵырҭа" (1971), "Асхыс" (1975), "Иалкаау" (1987), иажәеинраалоу ароманқәа "Абрыскьыл", (1960) "Ааԥыни анаҟәи" (1980). Владимир Анқәаб афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихьчеит аԥсуа поема азҵаарақәа рыла.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.