Ахьтәы медалқәа ҩбеи, араӡны медалқәа хԥеи: акаратистцәа реихьӡарақәа

Аԥснытәи акаратистцәа қәыԥшцәа быжьҩык алахәын косики карате азы иаарту ачемпионат. Аицлабра мҩаԥган ақалақь Ростов-на-Дону аҟны, жәабран 23-24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәбран 26- Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Косики карате азы иаарту ачемпионат аҟнытә ҳаспортсменцәа ахьтәы медалқәа ҩбеи, араӡны медалқәа хԥеи Аԥсныҟа иааргеит, абри атәы иҳәеит Косики карате азы Афедерациа ахада Демис Адлеиба.

"Аицлабра ӷәӷәа ашьҭахь афинал ахь инеит Софиа Аҩӡԥҳаи, Сариа Хәупориаԥҳаи. Сариа ахьтәы медал лҽаԥсалтәит, Софиа лакәзар — араӡны. Сариа лаҳәшьцәа и́ара убас араӡны медалқәа ирыԥсахеит", — иҳәеит иара.

Аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Ҭемыр Быҭәба, Сандро Киут Аԥснытәи асопртменцәа даҽа араӡны медалк рзааигеит.

Косики карате азы иаарту ачемпионат мҩаԥган ақалақь Ростов-на-Дону аҟны, жәабран 23-24 рзы.

1 / 5
Открытый чемпионат в Ростовской области по "Косики каратэ"
2 / 5
Открытый чемпионат в Ростовской области по "Косики каратэ"
3 / 5
Открытый чемпионат в Ростовской области по "Косики каратэ"
4 / 5
Открытый чемпионат в Ростовской области по "Косики каратэ"
5 / 5
Открытый чемпионат в Ростовской области по "Косики каратэ"