Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп атриатлон азы аиндаҭларақәа

Раԥхьаӡа акәны атриатлони аӡсареи рзы аиндаҭлара мҩаԥгахоит Аҟәа. 300-ҩык ауаа злахәыз атриатлон азы раԥхьатәи аиндаҭлара мҩаԥысит жьҭаара 15 2017 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26– Sputnik. Раԥхьаӡа акәны атриатлони аӡсареи рзы аиндаҭлара мҩаԥгахоит Аҟәа. Абри атәы радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит атриатлон азы Аԥсны Афедерациа ахада Борис Барцыц.

"Лаҵарамзазы Аҟәа имҩаԥгахоит Евразиа Ахраҿа аетап иаҵанакуа атриатлон азы аиндаҭлара. Ҽынла иаарту аӡытә ҵакыраҿы аӡсаразы аицлабрақәа мҩаԥысуеит, ахәылԥазы Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҿ аиааира иазку, ареспублика ауааԥсыра злахәу "Аҟәатәи аиԥхныҩлара" мҩаԥгахоит. Ҳарзыԥшуп урыстәылантәи 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа-атриотланистцәа", — иҳәеит Барцыц.

Атриатлон азы Аԥсны Афедерациа ахада Борис Барцыц иҳәеит иаарласны ишхацыркхо аиндаҭлара алахәылацәа релектронтә ҭаҩра. Аиндаҭлара иалахәхар алшоит адуцәа реиԥш фышықәса инаркны жәиԥшь-шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәагьы.

Аиндаҭлара ахы акуеит Аԥсуа драматә театр аҟынтәи, ихыркәшахоит – аресторан "ДЭМ" аҿаԥхьа, амаланыҟәаныҟәцаҩцәа ракәзар, рмаршрут Аҟәантәи Кьылашәырынӡа инаӡоит.

300-ҩык ауаа злахәыз атриатлон азы раԥхьатәи аиндаҭлара мҩаԥысит жьҭаара 15 2017 шықәса рзы.