Габелиа: амҩатә машәырқәа зыхҟьо аԥсҟы зку адисциплина иахьықәымныҟәо ауп

Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Тариел Габелиа Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭеиҳәеит аусбарҭа аусушьа атәы, дрылацәажәеит амҩатә машәырқәа рҟны ахара здны иибо.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Тариел Габелиа Sputnik Аԥсны акорреспондент изеиҭеиҳәеит аусбарҭа аусушьа атәы, дрылацәажәеит амҩатә машәырқәа рҟны ахара здны иибо. Иара иажәақәа рыла амҩатә машәырқәа реиҳарак зыхҟьо аԥсҟы зку адисциплина иахьықәымныҟәо ауп ҳәа.

Амҩатә машәыр иахҟьаны ахәыҷы дҭахеит

"Амашьына аԥсҟы зку амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа рацәак ирызхьаԥшуам. Иаҳҳәап ақалақь аҩныҵҟа 60 километра еиҳаны аныҟәара ҟамлозар, уи рацәак зегьы иазгәарҭом. Аиҳаракгьы ашәарҭара рыцуп арыжәтә ыжәны мамзаргьы анаркотикатә маҭәашьарқәа зыдкыланы иҟоу", — иҳәеит Габелиа.

2018 шықәса ажьырныҳәамзазы аҳҭнықалақь аҿы рыцҳара ҟамлеит, аха жәабранмза макьана ишнымҵәацгьы имаҷымкәа амҩатә машәырқәа аҭыԥ рыман. Аҭыԥ аман аԥсыҭбара зцыз амашәыргьы.

Аҳәынҭавтоинспекциа аусура еиҳа хра аманы ишыҟалаз атәы азгәанаҭоит астатистика иҳәеит Тариел Габелиа. Иара иажәақәа рыла ажьырныҳәамзазы анаркотикатә маҭәашьар зыдкыланы амашьына аԥсҟы зкыз хҩык 15-15 мшы рықәҵаны иҭакын, фҩык ижәны иахьыҟаз азы арныҟәагатә зин рымхын, 24-ҩык аштрафқәа дыршәан.

"2018 шықәса ажьырныҳәамзазы амҩатә ныҟәара аԥҟара ахьеилагаз азы 900 ԥкаанҵа харҭәаан. 2017 шықәса иадкыланы уахәаԥшуазар, 240 ԥкаанҵа рыла еиҳауп. Уи иаанаго аныҟәцаҩцәа еиҳа аԥҟаррақәа еиларгоит ҳәа акәым, уи иаанаго ҳусзуҩцәа русура еиӷьыртәит ауп", — иҳәоит Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Тариел Габелиа.

Тариел Габелиа иазгәеиҭеит аусура ишахәҭо еиԥш анагӡаразы аусзуҩцәа шырзымхо. Иара игәаанагарала арахь аусура анеира зыргәамԥхо аулафахәы амаҷреи аусуратә ҭагылазаашьа ахьанҭареи роуп. Аусбарҭа аштат 40-ҩык рҟынӡа инаӡозар акәзар, иахьазы аус зуа 27-ҩык роуп иҳәеит иара.

"Есышьыжь аҳҭнықалақь ашколқәа рҿаԥхьа иҷаԥшьоит ҳусзуҩцәа, ахәыҷқәа ршәарҭадара аиҿкааразы", — ҳәа еиҭеиҳәоит Габелиа.

Ааигәа аҳәынҭқарра ахарџь ала иаахәан автомашьынақәа ҩба. Уажәазы ахархәара рымоуп ф-машьынак. Тариел Габелиа иажәақәа рыла автоинспекциа аусзуҩцәа русура акыр иарманшәалон ақалақь аҿы авидеохылаԥшратә камерақәа рыҟазаара, аха урҭ азхом.