Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. 2001 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала ари амш Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит аҩаша жәабран 27 рзы.

"Иахьатәи ҳаиԥылара зызку шәусқәа уаҵәтәи рԥеиԥш аиӷьтәра ауп. Ауаажәлар аиаша рызнагара мариаӡам, уи ануҳәогьы ухы иананырҟьо ыҟоуп, аха иумҳәар адагьы ԥсыхәа ыҟаӡам. Агхақәа шыҟоу ибзиаӡаны иаадыруеит, аҳәынҭқарра уахыки-ҽнаки рыла аргылашьа ыҟаӡам. 25-шықәса ахыҵуеит ҳаиааира амш, иҟаҵоу маҷӡам, абри ажәлар ирбартә-ираҳартә аҟаҵара зылшаз шәара шәоуп", — иҳәеит атәыла Ахада ажурналистцәа дрыдныҳәало.

Аибашьра ашықәсқәа рзы ажурналистцәа аџьабаа ду шырбаз, ашәарҭара иҟаз иацәымшәакәа иҟаз аҭагылазаашьа уадаҩ шаадырԥшуаз.

"Зегьы ишәзеиӷьысшьоит агәамч, агәабзиара, зегь рыла аихьӡарақәа шәусқәа рҿы", — азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Адныҳәалара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла аиҳабы Руслан Ҳашыг Рауль Ҳаџьымба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иагьазгәеиҭеит аԥсуа журналистика арҿиара аус аринахысгьы ишацҵазаауа.

Убри азы агәҭакқәа шыҟоу иҳәеит аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа алархәны еиуеиԥшым азыҟаҵаратә курсқәа рымҩаԥгара. Иара убас Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит Аԥсны ажурналистцәа реидгылеи Аԥсны Жәлар Реизареи аиқәшаҳаҭра рнапы шаҵарыҩуа аконкурс аиҿкааразы Жәлар Реизара аусура иазкны иреиӷьқәоу ажурналисттә усумҭақәа ралкааразы.

"Аԥсны" – ԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭуп. Агазеҭ "Аԥсны" 1921 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа иҭыҵуан, аштат аҟны  22-ҩык аусзуҩцәа аман. Асовет аамҭазы 42-ҩык аусзуҩцәа змаз агазеҭ "Аԥсны", атираж 15-16 нызқь рҟынӡа инаӡон.

Чаепитие журналистов с президентом