"Хра злоу ахҭысқәа": Олег Дамениа Владимир Аҵнариа игәаларшәара иазкны
© Sputnik
"Сгәалашәараҿы Владимир Аҵнариа даанхеит еиҿкааз, ицқьаз, зыхдырра ҳаракыз, еибгаз уаҩны. Ихы дахашшауа дыҟамызт, еиҳарак ажәлар рыбзиабара иман. Акы заҵәык угәы еихьызшьуа акоуп — иҭаацәаратә ԥсҭазаара иара ишыиҭахыз иҟамызт. Иара деилызкаауаз ауаа маҷхеит, уи ицрыхуан Владимир Аҵнариа. Анкьа ҳара иҳамаз аибабара, ақьиара, аҳалалра ҳцәыӡит, уи иара ицәтәымхеит", — иҳәеит Дамениа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.