Арадио

Аҳауагәаҭаҩ: хәажәкырамза ақәагьы амрагьы ацны иҟалоит

Хәажәкыра амза ишаԥу еиԥш ақәа леилоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Агитрометеорологиа аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Амир Цәышба.
Sputnik

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Амир Цәышба амш зеиԥшрахо иазкны
"Хәажәкыра амза ишаԥу еиԥш ақәа леилоит лассы лассы. Аӡынгьы ааԥынгьы рҽанеилдырго ҳәа ажәлар рыҟны ишырҳәо еиԥш иҟалоит амш бзиақәа реиԥш, амш цәгьақәагьы. Иааиуа амчыбжьқәа рзы иҭышәынтәалам аҳауаҭагылазаашьа ҳазыԥшуп. Аиашазы, ҳзыцәшәо ҳәа ус амшцәгьа ҟалом. Иахьатәи амш азы иҳамаз азгәаҭақәа рыла иаадыруан ахьшәашәара шыҟалоз. Иахьатәи амш аҳауа ԥхарра  хә-градуск рҟынӡа илаҟәхеит", — иҳәеит Амир Цәышба.

Ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.