"Хра злоу ахҭысқәа": Гиви Ҵнариа Лабратәи аоперациа иазкны
© Sputnik
"Аиааира 25 шықәса ахыҵра иҳаракны иазгәаҭап ҳәа сгәы иаанагоит. Лымкаала ари амш аҽны Мрагылара афронт аҟны амца акын, ҳаԥсуа еибашьцәа шьаҿа-шьаҿала аҳаракырақәеи, ақыҭақәеи аӷа иҟынтәи рхы иақәыидыртәуан. Лабра, Ҭоумышь, Лашькындар ақыҭақәа аӷа инапаҿы иҟан акыр аамҭа, иара ахақәиҭтәра џьбаран, аԥсҭбарақәагьы ацын. Лабратәи аоперациа амҩаԥгразы ҳаԥхьагылаҩцәа акырӡа ихәыцит, аџьаԥҳаны иҳамаз ала ақыҭа ҭарцәын", — иҳәеит Ҵнариа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.