Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа лассы рыҭара иалагоит

Хара имгакәа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иазнархиоит ОМС аполисқәа рызмазериразы иахәҭаны иҟоу адокументқәа рсиа. Аполисқәа рыҭараз ихымԥадатәиуп урыстәылатәи аҳәаанырцәтә паспорт амазаара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны хара имгакәа иаадыртраны иҟоуп атәылауаа хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа ахьрыҭахо аҭыԥқәа ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистра апресс-маӡаныҟәгаҩ.

Амедицинатә ԥгаԥса абҵарамзазы аратификациа иахыжьхар алшоит

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩу амедицинатә ԥгаԥсазы Аиқәшаҳаҭра аратификациа аназыру ашьҭахь ихацыркын аԥгаԥсақәа рырҭараны иахьыҟоу аҭыԥқәа разырхиара.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара абри аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын астратегиатә аиҩызара аԥҟарақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иара, Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны иҟазаараа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцовеи рнапы зҵаҩыз аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аусура хацнаркуеит.

Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи атәылауаҩра змоу зегьы ирыҭахоит хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аполиусқәа.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла иахьатәи аамҭазы аԥгаԥса роураны ишьақәыргылоуп 190 000-ҩык ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.

Хара имгакәа Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иазнархиоит ОМС аполисқәа разырхиаразы иахәҭаны иҟоу адокументқәа рсиа. Аполисқәа рыҭараз ихымԥадатәиуп урыстәылатәи аҳәаанырцәтә паспорт амазаара.