Аҳәынҭқарратә харадҵа Роланд Жьиба 20 шықәса иқәҵатәны иашьоит

Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҟны иахәаԥшын 1974 шықәса рзы ииз, Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 1 инарықәыршәаны ахара зыдҵо Жьиба Роланд Капитон-иԥа иус.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. 2018 шықәса жәабран 26 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҟны иахәаԥшын 1974 шықәса рзы ииз, Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 1 инарықәыршәаны ахара зыдҵо Роланд Жьиба иус.

Адгәыр Кәыҵниа 12 шықәса иқәырҵеит

Абри аан Аҳәынҭқарратә харадҵа аҳәара ҟанаҵеит зус рыӡбаз  Роланд Жьиба ицәгьоурақәа рзы 20 шықәса аҭакра иқәҵазарц. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Жьиба ихара идырҵаз мап ацәикит.

Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа зус рыӡбуаз аҵыхәтәантәи иажәа аниҳәа ашьҭахь аилацәажәарҭатә уадахь днеит, азыӡба адкыларазы.

Азыӡба адкылара азгәаҭоуп хәажәкыра 20 2018 шықәсазы.

Аҟәа инхоз Беслан Кәыҵниа иԥсыбаҩ ԥшаан 2017 шықәса ажьырныҳәа 1 азы, Очамчыра араион иахьаҵанакуаз абнараҿы. Ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас ирымаз Роланд Жьиба иԥшаара хацыркын.

2017 шықәса лаҵарамза 5 рзы Роланд Жьиба даанкыланы абахҭахь днаган. Ашьаусҭҵаара ахәаԥшразы инашьҭын Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭахь.