Арадио

Ҭарба амармалташь пты иаҿагыланы аусурақәа ирызкны: иҳалшо ҟаҳҵоит

2018 шықәса рзы амармалташь пты иҟанаҵо аԥхасҭа аӡбразы иазоужьуп 10 миллион мааҭ аԥара, абри атәы иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба.
Sputnik
Ҭарба амармалташь пты иаҿагыланы аусурақәа ирызкны: иҳалшо ҟаҳҵоит

Аԥсны Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит аҵарауаа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны.
"2018 шықәса рзы амармалташь пты иҟанаҵо аԥхасҭа аӡбразы иазоужьуп 10 миллион мааҭ аԥара. Иахьазы иаахәоуп х-миллион мааҭ  рыхә ахәшәқәа. Дара ареспублика араионқәа зегьы ирзеихшоуп. Ишазгәаҭо еиԥш  Аԥсны  зегьы  хәшәыла акәабара ҳамч азхаӡом, иагьиашаӡам. Ари азҵаара аекологиа аганахьала азгәаҭара аҭахуп", — иҳәеит Ҭарба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.