"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Ҭамаз Гогиа Урыстәыла ахада иалхрақәа аиҿкаара ирызкны
© Sputnik
"Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳражәҳәарҭа роуп Аԥсны алхрақәа рымҩаԥгара знапы иану. Ҳара азин анҳамоу абжьыҭиразы ажәлар ишырзыманшәалоу иҟазар ауп. Егьырҭ ашықәсқәа рзы алхратә ҭыԥқәа фба-жәба ыҟазар, сынтәа ҩажәа ҟарҵеит. Исҳәарц сылшоит Гагра араион алхратә ҭыԥқәа ԥшьба ыҟоу, Гәдоуҭа- хԥа, Аҟәа араион –акы, Аҟәа ақалақь- ԥшьба, Очамчыра араион –ԥшьба, Гал- акы, Тҟәарчал — акы. Атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит ацхыраара рыиҭарц, уи аҟнытә Рауль Ҳаџьымба изыхәҭоу аусбарҭақәа аиҳабацәа алархәны аизара ԥҩаԥигеит. Уи адагьы Ацҳаражәҳәарҭа аҟны еиҿкаауп "Алхыҩцәа рыклуб", дара алхрақәа рзы азҵаарақәа змоу зегьы аҭак ҟарҵоит", — иҳәеит Гогиа.
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.