Аԥснытәи аскрипкарҳәаҩы Гран-при ланаршьеит

"Дни Казиника" аҳәаақәа ирҭагӡаны жәабран 26 инаркны хәажәкыра 4 рзынӡа Рига имҩаԥысуан 8 - 30 шықәса ирҭагыло рыбжьара аконкурс "Восходящие звезды-2018".
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи жәаҩашықәса зхыҵуа аскрипкарҳәаҩы Емилиа Терзиан-Ҳагба Гран-при ланаршьеит абри аконкурс аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Емилиа лаб Давид Терзиан.

Эмилия Терзян-Хагба завоевала Гран-при на международном инструментально-вокальном конкурсе «Восходящие звезды» в Риге

"Аполитикатә ԥынгылақәа риааира алшеит Емилиа Мексика дахьиз.аконкурс иалахәын Англиа, Латвиа, Германиа, Урыстәыла", — иҳәеит Терзиан.

Емилиа аконкурс аҿы иналыгӡеит "Каватина" (Иозеф Раф), "Непрерывное движение" (Фердинанд Рис).

Эмилия Терзян-Хагба завоевала Гран-при на международном инструментально-вокальном конкурсе «Восходящие звезды» в Риге

"Емилиа Гран-при шланашьахаз Михаил Казиник иҟынтәи исаҳаит. Иара ажиури далахәын. Аофициалтә лаҳәара ҟарҵаанӡа аҭел дысзасит", — иҳәеит Давид Терзиан.

Аконкурс хықәкны иамоуп аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәеи аҿари ралыԥшаара, адгылара рыҭара.