Афорум-цәыргақәҵа "Аԥсны аҭаареи" афестиваль "Амимоза ашәҭреи" мҩаԥысуеит

Атуристтә форум-цәыргақәҵа "Амимоза ашәҭра" мҩаԥысуеит Аҟәа, хәажәкыра 7-10 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik. Иналукааша урыстәылатәи атуристтә операторцәа рхы аладырхәраны иҟоуп афорум-цәыргақәҵа "Аԥсны аҭаареи" ааԥынтәи афестиваль "Амимоза ашәҭреи". Абри атәы лҳәеит ауснагӡатәқәа реиҿкааҩ Анна Калиагина.

"Иахьазы рыҽҭарыҩхьеит 20 рҟынӡа еиҿкаара. Зыҽҭазмыҩуа ыҟоуп азы ҳгәыӷуеит иҵегьы еиҳаны асасцәа ҳзаап ҳәа. Акраамҭа аус ҳацыруеит атуристтә маҵзурақәа "Дельфин", "Библио-Глобус", "Леан", "Солвекс" иҟоуп раԥхьаӡа акәны иаҳҭаауагьы", — ҳәа азгәалҭеит Калиагина.

Лара лажәақәа рыла аԥхьатәи амш аҽны имҩаԥгахоит астол гьыжьқәа, аиҿцәажәарақәа.

Калиагина илҳәеит афорум-цәыргақәҵа "Аԥсны аҭаара" аҟны аԥснытәи атуристтә фирмақәеи аилахәырақәеи, асасааирҭақәеи, апроекттә биуроқәеи, акадртә маҵзурақәеи уҳәа шалахәхо.

"Атуристтә бизнес заанаҵы аӡбахә алацәажәара уадаҩуп. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҳнарбеит аиқәшаҳаҭра еснагь уақәгәыӷуа ишыҟам. Убри азы ҳара раԥхьа иргыланы ахӡыргара аус адааулароуп, ҳтәыла дҳарбароуп", — лҳәеит лара.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит арт-маркет, иааԥхьахоит афольклортә ансамбльқәа. Иазырхиоуп атуристтә программа еиуеиԥшым Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь.