Арадио

Адлеиԥҳа: ҳнаплыхқәа зегьы аԥсуа цәа аҟәнуп

Хыԥхьаӡарала ифбатәиу арт-маркет мҩаԥысраны иҟоуп Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәазы, хәажәкыра 8 рзы, иара иалахәхар рылшоит изҭахны иҟоу зегьы, лҳәеит Sputnik арадиостудиаҟны арт-маркет алахәыла, Аҟәатәи латәаратәи-латәарадатәи ашкол адиректор Ирма Адлеиԥҳа.
Sputnik
Адлеиԥҳа: ҳнаплыхқәа зегьы аԥсуа цәа аҟәнуп

"Севгеи Маршьанԥҳаи сареи еицҳамоуп абренд "Сылашара"́, уи алагьы хә-шықәса ҵуеит арт-маркет ахь ҳцәырҵуеишьҭеи. Ҳнаплыхқәа зегьы аԥсуа цәа аҟәнуп", — лҳәеит Адлеиԥҳа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.