Аладатәи арратә округ аҟны аҳәса аррамаҵзура иахысуеит

50-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аҟны аҳәса аррамаҵзура иахысуеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik. 50-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аҟны аҳәса аррамаҵзура иахысуеит. Аҵыхәтәантәи аҩышықәса дара рхыԥхьаӡара 20 процент рыла иазҳаит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Аладатәи арратә округ аруаа аҽыхьчаратә тактиказы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

50-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аҟны аҳәса, асержантцәа, апрапоршьчикцәа уҳәа ракәны аррамаҵзура иахысуеит. Дара рыбжьара иҟоуп Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҵаратә усҳәарҭақәа роушьҭымҭацәа.

"Аиҳарак аҭыԥҳацәа аррамаҵзура иахысуеит аимадаратә хәҭақәеи амедицинатә маҵзуратә хәҭақәеи рҟны", — ҳәа еиҭеиҳәоит Астафьев.

Еилаӡарыла аррамаҵзура иахысуа амаҵзуратә уадақәеи мамзаргьы азеиԥшнхарҭаҿ ауаҭахқәеи рыла еиқәдыршәоит.

Аррамаҵзура хышықәса изхызгаз ракәзар, ироуеит алшара Урыстәыла иахьаҵанакуа, арратә ипотека апрограммала ахатәнхарҭақәа роурц.