"Аӷа икомандиртә ҭыԥқәа" шьаҽын аҽазыҟаҵарақәа раан

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ 400-ҩык аррамаҵзурауааи Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчра амаҵзурауааи адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 8 — Sputnik. Дара "аӷа" икомандирцәа ртәарҭаҭыԥқәа иреихсны иршьаҟьеит ҳәа ааицҳаит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Аладатәи арратә округ аҟны аҳәса аррамаҵзура иахысуеит

"Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә мчра амаҵзурауааи адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аррамаҵзурауаа тревогала ршьапы иқәыргылан, аҽазыҟаҵаратә комплексқәа ирхыжьын. Аҵаратә зыҟаҵарақәа инарықәыршәаны Аԥсни Урыстәылеи рыруаа "аӷа икомандирцәа" ндырҵәеит", — иҳәеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Аҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан 50 инарзынаԥшуа арратә техника, ирылахәын 400-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа ҳәа аҳәоит Арратә округ апресс-маҵзура ашәҟәаҟны.

Иара убасгьы аррамаҵзурауаа зхысра уадаҩу аҭыԥқәеи амҩақәеи ирхысит.

"Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан амшын аԥшаҳәеи, ашьха-бнаратә ҭыԥқәеи рҟны. Уа иаԥҵан ахаҭара иазырааигәаз аҭагылазаашьа", — иҳәоит апресс-маҵзура аиҳабы.

Апресс-маҵзура аиҳабы Виктор Астафьев иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 400-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәылатәии Аԥснытәии аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 50 инареиҳаны арратә техника.