Арадио

Алҭеиба: аҳәсеи ахацәеи еиҟараны аԥсҭазаараҿы аҭыԥ ааныркалоит

Аҳәсеи ахацәеи еиԥшны, еиҟараны аԥсҭазаараҿы аҭыԥ ааныркалоит, абри атәы иҳәеит Аҳәса Жәларбжьаратәи рымш аҽны Sputnik арадиостудиаҟны Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Анатоли Алтеиба.
Sputnik
Алҭеиба: аҳәсеи ахацәеи еиҟараны аԥсҭазаараҿы аҭыԥ ааныркалоит

"Аҳәсеи ахацәеи еиԥшны, еиҟараны аԥсҭазаараҿы аҭыԥ ааныркалоит. Аҭаацәара еиқәлархоит аԥҳәыс, ахаҵа маҷк дманшәаламзар ииашоу амҩа дықәылҵар лылшоит. Аԥхәыс илыллыршо рацәоуп, аха дшьақәҟьар амаҟәмабарақәа аҭаацәара ақәлыршәоит", – иҳәеит Алҭеиба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.