Арадио

Ҳаԥаҭ актәи атуристтә форум-цәыргақәҵа иазкны: атуризм аҿиараҿы иҳахәоит

Аԥсны атуризм аҿиаразы ари ас еиԥш иҟоу афорумқәа акырӡа иахәоит, абри атәы Sputnik арадиостудиаҟны иҳәеит актәи атуристтә форум-цәыргақәҵа "VISIT APSNY" алахәыла Низам Ҳаԥаҭ.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Низам Ҳаԥаҭ актәи атуристтә форум-цәыргақәҵа иазкны

"Аиԥш зеиԥшу афорум акыр шықәса раԥхьа амҩаԥгара аҭахын ҳәа исыԥхьаӡоит, уи акыр ҳарԥшӡон, ҳариашон. Аԥсны атуризм аҿиараҿы ари ас еиԥш иҟоу афорумқәа иахәоит. Афорум аҟны ҳапроблемақәеи, ҳалшарақәеи иаартны ҳалацәажәеит", — иҳәеит Ҳаԥаҭ.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.