Рауль Ҳаџьымба аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аҳәса Март 8 рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

"Ааԥын ааиреи, аԥсабара аҿыхареи ирсимволны иҟоу аныҳәа шәыдысныҳәалоит. Иара ҷыдала иугәаланаршәоит ҳҳәынҭқарра аҿиараҿ аԥҳәыс ллагала, аҭаацәаратә традициақәа рыхьчара, ахәыҷқәәа рыԥсадгьыли рыжәлари ирыԥсаны иҟалартә еиԥш ирыдылҵо алшарақәа", — ҳәа арбоуп аҳәамҭаҟны.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит аҳәса ишрыбзоуроу иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоу адоуҳатә беиарақәа: аиҳабацәа пату рықәҵара, ахшара аԥсуа ҵасла рааӡара.

"Шәара шәыӷәӷәареи шәгәыҭбаареи ирылдыршеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраани аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рани ауадаҩрақәа ҳариааиртә еиԥш ҳаҟалара. Иахьагьы, ҳҳәынҭқарра аҿиара амҩа ианану, ухаҿы иузаагом аҳәса рыда уи аҿиара", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҟны.