Амажәа анапахьы "аагара"

Sputnik

Имариам усуп амажәа акәаҳара, унапаҿы аагара. Ирацәаҩуп аԥсуа ҳәсақәа есыҽны амажәа зкуа, еиуеиԥшым афатә хкқәа алызхуа. Аԥсуаа рмилаҭтә чыс хкқәа амажәа иалху иреиоуоуп: амгьал, ачашә, ачаџьқәа. Зегь реиҳа аџьабаа змоу ҳәа иԥхьаӡоуп ачаҳаржә.

Ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Марина Гәниаԥҳа, амажәа аҟаҵара бзиа ибаны лнапы алакуп, лара зныкала 600 цыра злыҵуа ачаҳаржә азы амажәа лкәаҳауеит. Лара лажәақәа рыла, ачаҳаржә хааӡа аҟаҵаразы амажәа аҟаҵашьа уақәшәароуп ҳәа. Амажәа азы иаҭаху амарҭхәқәа рацәаӡам: ачашыла, аџьыкхыш, аӡы, акәтаӷь. 

"Ачаҳаржә ржәуеит, иҟоуп ацхеи ахырҵәи надкыланы, мамзаргьы аџьыка ахьшьны изфо ауаа", — ҳәа лҳәоит Марина Гәниаԥҳа.

Абасала, аамҭа рацәаны ишаҭахыугьы Марина Гәниаԥҳа ҟазарыла ачаҳаржәқәа ҟалҵоит. Ачаҳаржә есыҽны ирчысхәӡам аԥсуаа, еиҳарак иара ҟарҵоит аныҳәарақәа раан.

1 / 12
Ачаҳаржә иагәыларҵоит ашә аҵыбра аҭаны. Уи агьама архаауеит, афҩы лахалаҳауа иҟанаҵоит.
2 / 12
Марина Гәниаԥҳа ҟазарала ачаҳаржәқәа ҟалҵоит, лара зныкала 600 цыра злыҵуа ачаҳаржә азы амажәа лкәаҳауеит.
3 / 12
Ачашыла алыхәҭа инкылганы, асаан ианԥсаланы, аџьыкхыши, кәтаӷь цыраки, аӡырҟәандеи налаҭәаны иркәаҳауеит ачаҳаржә азы амажәа.
4 / 12
Ачаҳаржә злырхуа амажәа бзиа иабоит ибзианы аилырхра, ус ирҳәоит аҳауа бзиа иабоит ҳәа.
5 / 12
Амажәа еилаларц азы аамҭа аҭатәуп, ианыҟалалакгьы ибықьӡа ичуеит, асахьала иудыруеит аиҵыхра ишазыхио.
6 / 12
Ачаҳаржә азы амажәа иахьынӡеиҵыхтәу унацәкьарақәа рыла иудыруеит, иҵаӷаны иҟалар ианжәуа иԥжәоит, ҳәа лҳәоит Марина Гәниаԥҳа.
7 / 12
Ачаҳаржә бжьаратәны иҟаларц азы аҵәца ала иԥҟатәуп.
8 / 12
Ачаҳаржә азы амажәа ахьынӡаҟало иагәыларҵо ашә азырхиатәуп.
9 / 12
Ачаҳаржә егьырҭ амилаҭқәагьы иҟарҵоит, иагәыларҵоит ахаҷа, арыц, аԥсуаа ракәзар иагәыларҵоит еиҳарак ашә рҟәыҷны.
10 / 12
Ачаҳаржә есыҽны ирчысхәӡам аԥсуаа, еиҳарак иара ҟарҵоит аныҳәарақәа раан.
11 / 12
Амажәа ԥҟаны ишықәысҵалак еиԥш ашә агәылаҵаны ирҷабоит рнацәкьарақәа рыла, ианжәуа акгьы амыхьарц азы, идырԥшоӡит ахықә.
12 / 12
Ачаҳаржә ржәуеит, иҟоуп ацхеи ахырҵәи надкыланы, мамзаргьы аџьыка ахьшьны изфо ауаа.