Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рбаҩрҵәыратә зыҟаҵарақәа зеиԥшроу гәарҭон

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рбаҩрҵәыратә зыҟаҵарақәа зеиԥшроу гәарҭон. Ашықәс аҩныҵҟа хәынтә имҩаԥгахоит аруаа разыҟаҵара аҭагылазаашьа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik. Ашықәс аҩныҵҟа хәынтә имҩаԥгахоит аруаа разыҟаҵара аҭагылазаашьа. Аррамаҵзурауаа анормативқәа нарыгӡон еиуеиԥшым ахкқәа рыла. Абрихь иаҵанакуан 100 метрак, 3 километрак, 5 километрак аҩра. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Аладатәи арратә округ аҟны аҳәса аррамаҵзура иахысуеит

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа адәытә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны аполигонқәа Нагвалоуи Ҵабали рҟны аҵаратә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аррамаҵзурауаа иаалырҟьан ршьапы иқәыргылан, аҽазыҟаҵаратә комплексқәа ирхыжьын. Аҵаратә зыҟаҵарақәа инарықәыршәаны аррамаҵзурауаа еиуеиԥшым абаҩырҵәырақәа мҩаԥыргон: агранатақәа дыршәуан, бџьарлеи џьаԥҳанылеи рҽеибыҭаны аԥынгылақәа ирхысуан, напышьашәалатәи аисара амаана ҷыдақәа аадырԥшуан.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рбаҩрҵәыратә зыҟаҵарақәа зеиԥшроу гәарҭон. Ашықәс аҩныҵҟа хәынтә имҩаԥгахоит аруаа разыҟаҵара аҭагылазаашьа.

1 / 3
Российские военнослужащие ЮВО в Абхазии на черноморском побережье сдали квартальную проверку по физической подготовке
2 / 3
Российские военнослужащие ЮВО в Абхазии на черноморском побережье сдали квартальную проверку по физической подготовке
3 / 3
Российские военнослужащие ЮВО в Абхазии на черноморском побережье сдали квартальную проверку по физической подготовке

Виктор Астафьев иажәақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 200-ҩык инарзынаԥшуа Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа.

Аԥышәарақәа қәҿиарала изҭииз рмаҵзуратә улафахәы ирзацырҵоит 15 процент инаркны 100 процентк рҟынӡа аԥарацҵа.